Атеатр аԥсы ҭоуп агәалашәара ыҟанаҵы. Агәалашәара - абиԥарақәа еимаздо цҳауп.
Ашықәсқәа цон, абиԥарқәа рҽеиҭнырԥсахлон, аха атеатр аанхон аԥсуа культура иашьагәыҭны.
Атеатр ахь иааиуан арежиссиорцәа ҿыцқәа, асцена иқәлон актиорцәа ҿарацәа. Иарбан абиԥаразаалакгьы аҟазара дара ишеилыркаауаз аадырԥшуан, амала ихадоу атеатр ахь абзиабара еиқәырханы.
Иааҳартуеит ҳҭоурых анаҩстәи адаҟьа - иахьатәи атеатр адаҟьа.
Ҳашәзыԥшуп сентиабр мза 14 рзы Аԥсуа театр аҿы! 96-тәи асезон хацҳаркуеит апремиератә спектакль "Аԥҳәысаагара" ала.



