26 шықәса инеиԥынкыланы Аԥсуа театр амаҵ азызуа арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лусура иабзоураны атеатр арепертуар иарҳаит: «Асду» (А. Гогәуа); «Семра» (Р. Смыр); «Аҳ деилазгаз ауаҩы» (Хә. Џьапуа, С. Хәаҭланӡиа ); «Ажьақәеи амаҭқәеи» (Ф. Искандер);
«Гәымсҭатәи абаллада» ( А. Мықәба); «Иареи лареи» (Д. Гәлиа); «Ҳауа идагәада?» (Ш. Ҷкадуа); «Асҭыԥҳа» (А. Островски),«Аԥынҵа тәыҩақәа» (Е. Ионеско); «Аџьаз иалоу ҭыԥҳацәоуп» (Б. Уаилдер); «Аҷныш» (А.Чехов); «Бернарда Альба лыҩны» (Ф.Г. Лорка) уҳәа имаҷымкәа асценатә рҿиамҭақәа.
Мадина Сури-иԥҳа лықәыргыламҭақәа Аԥсны анҭыҵ еиуеиԥшым афестивальқәа рҿы изныкымкәа иалкаан.
Змилаҭ культура еиҷаҳауа, уи аҿиаразы зымч иамеигӡо, зхатәы бызшәа ҳаракны ишьҭыхны иаазго рҿиаҩуп.
Аԥсуа театр аколлектив ахьӡала Мадина Аргәынԥҳа лиирамш лыдныҳәало, агәабзиареи аманшәалареи лзеиӷьаҳшьоит.



