Новости

Четверг, 26 марта 2026 09:04

Аԥсуа сцена аҳкәажә, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара занашьоу Аԥсны жәлар рартист, абаҩхатәра ду злоу Виолетта Маанԥҳа иахьа, хәажәкыра 26 рзы лиирамш азгәалҭоит.

Виолетта Маанԥҳа Аԥсуа театр асценаҿы ашәҭ еиԥш иагәылыҷҷо, зеиԥшыҟам абжьы зхоу актрисоуп.

14 шықәса рзы ашәаҳәараҿы збаҩхатәра аазырԥшыз Маанԥҳа, дышқәыԥшыз ажәлар рыбзиабара закәу еилылкааит - 16 ш. ирҭагылаз аҭыԥҳа ашәа «Шьышь нани» анагӡаразы Зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ланашьан. Виолетта Маанԥҳа уи нахысгьы ажәлар бзиа ирбаз ашәақәа рацәаны иналыгӡазаргьы, лыԥсҭазаара зегь 64 ш. инарзынаԥшуа Аԥсуа театр ауп издылҳәалаз.

Асценаҿ 30 инарзынаԥшуа аспектакльқәа рҿы ихәмархьоу актриса, шьахәла иналыгӡахьеит ҵҩа змам ароль хадақәа, урҭ иреиуоуп: Б.Шьынқәба – «Хҭырԥа шкәакәа», Шь.Аџьынџьал – «Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал», Д. Гәлиа «Анаурқәа», «Иареи лареи», А. Мықәба –«Аламыс»,У.Шекспир – «Отелло» уҳәа егьырҭгьы.

Атеатр асценаҿы ҵҩа змам лрольқәа инарываргыланы, акиносахьақәа рҿы зеиԥшыҟамкәа еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аԥылҵеит, иаагозар ас/ф.: «Да поможет нам бог», «Колокол священной кузни», «В ночь на новолуние», «Белый башлык» уҳәа егь.

Виолетта Маанԥҳа лыԥшӡара, лхатәра, лҟазара лыжәлар еицазгәарҭахьеит.

Аԥсуа театр аколлектив гәыкԥсыкала Виолетта Владимир-иԥҳа лиирамш лыдныҳәало, илзеиӷьаршьоит лгәаҳәарақәа наӡо, шықәсырацәала Аԥсуа театр асцена лырԥшӡо!

Прочитано 31 раз Последнее изменение Четверг, 26 марта 2026 09:19
Image
  • +7 940 7 214 214
384900, г. Сухум, ул. Пушкина, д.1

Касса

  • 10:00 - 19:00 ежедневно
  • Выходной: воскресенье
Image
Image