Шәышықәса раахыс Аԥсуа театр амилаҭтә культура аӡыргара, уи арбеиара аус иаԥхьагылоу акультуратә хәышҭаарақәа иреиуоуп.
Иахьа, аныҳәа амш аҽны иаҳуалуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аԥсуа сцена иазааԥсоз, амилаҭтә театр аҩаӡара акыр иҳаразкыз, иреиӷьу асценақәа рҿы ҳмилаҭтә культура ӡырызгоз Аԥсуа театр акорифеицәа ргәаларшәара.
Ҳазҭагыло аамаҭазы атеатр амаҵ азызуа ҳактиорцәа ссирқәа ракәзар, ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиара дуқәа.
Ишәыгымхааит шәеилызкаауа ахәаԥшцәа, еснагь шәыгәқәа арԥхалааит урҭ рыбзиабара.
Жәларбжьаратәи атеатр амш рыдаҳныҳәалоит иара убас, Аԥсны аус зуа атеатрқәа ирзааԥсо ҳколлегацәа, ирзеиӷьаҳшьоит арҿиаратә иааирақәа!
С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр анапхгаҩы Хьыбла Мықәба



