Новости

Понедельник, 02 февраля 2026 14:11

Шықәсык ҵит Аԥсуа театр аколлектив даԥхеижьҭеи Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, актриса Изольда Арухааԥҳа.

Изольда Кәычка-иԥҳа лыдунеи лыԥсахит 64 ш. шылхыҵуаз, жәабранмза 2, 2025 ш.

Иаҭахума аҳәара ари ажәабжь ахьаа ду шаҳзаанагаз...

Аԥсуа театр азеиԥш, ҳмилаҭ культуразы актриса лыԥсҭазаара аҿахҵәара хымԥада ицәыӡ духеит.

1986 шықәса раахыс Аԥсуа театр аҿы аус зуаз актриса лбаҩхатәра аҩаӡара ахә ашьара уадаҩуп.

Арухааԥҳа иналыгӡахьаз арольқәа иреиуоуп арежиссиор Валери Ақаҩба иқәиргылаз абарҭ аспектакльқәа: ( Лучетта – "Кьоџьаа рҭыӡшәа" Гольдони; Брут иԥшәма Порциа – "Юли Цезарь" У. Шекспир); Хьыкәыр – "Махаз" Ф. Искандер). Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭақәа: Мадам Беф -"Аԥынҵатәыҩақәа" Е.Ионеско; Бернарда -"Бернарда Альба лыҩны" Ф.Г.Лорка уҳәа егьырҭгьы.

Убас иҟалеит, ароль хада ахьыналыгӡоз аспектакль "Бернарда Альба лыҩны" арбара мышқәак шагыз лыԥсҭазаара далҵит. Наунагӡа данынаскьарга ашьҭахь, Изольда Арухааԥҳа лаҳаҭыразы лыԥсы злаз Аԥсуа театр аҿы "Бернарда Альба лыҩны" ахәаԥшцәа идырбан...

Уи ауха асцена иқәыз рзеиԥш, лара лзынгьы аҵыхәтәантәи анапеинҟьабжьқәа гон… Хьаа шәкы зцыз қәгыларан.

Изольда Арухааԥҳа - наунагӡа ҳгәаҵаҿы иҟоу...

Прочитано 12 раз Последнее изменение Четверг, 05 февраля 2026 14:18
Image
  • +7 940 7 214 214
384900, г. Сухум, ул. Пушкина, д.1

Касса

  • 10:00 - 19:00 ежедневно
  • Выходной: воскресенье
Image
Image