Ари апроект еиҿкаан ашколхәыҷқәа рзы. Урҭ атеатр иаҭаартә еиԥш алшара рзаԥҵан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театри еицымҩаԥыргоз апроект иабзоураны.
2025-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо, гәахәарала иазгәаҳҭоит 200-ҩы инареиҳаны ашколхәыҷқәа ари апроект ишадыԥхьалаз.
Аԥсуа театр иаҭааит ақыҭақәа Хыԥсҭа, Ҭхьына, Жәандрыԥшь, Бамбора, Лыхны, Акәасқьа, Приморское, Кәланырхәа рҟынтәи ашколхәыҷқәа.
Урҭ зегь маҷк иадамхаргьы, Аԥсуа театр аԥсҭазаара иазааигәахеит, уи акультура рнырит.