Версия для печати
Понедельник, 30 марта 2026 09:12

Гәахәара дула иахьа Аԥсуа театр актриса Мзеиа Аџьынџьалԥҳа лиирамш лыдаҳныҳәалоит

Ҩынҩажәа шықәса еиҳауп Аԥсуа театр аҭаацәара дахәҭакны лус ҟазарала иналыгӡоижьҭеи.

Шьахәла иналыгӡахьоу арольқәа маҷым, урҭ иреиуоуп: Кека «Кьоџьаа рҭыӡшәа» (К. Гольдони), Маиана лхаҿсахьа аспектакль «Махаз» (Ф. Искандер), Амза «Аԥсҳа Леон» (А. Агрба), афранцыз ҭыԥҳа «Хәажәкыра ԥшьба» (Ш. Аџьынџьал) уҳәа.

Мзеиа Џьафар-иԥҳа иара убасгьы акинофильмқәа «Олимпиус инферно» (ареж. И.Волошин) «Август. Восьмого» (ареж. Д. Фаизиев), «У каждого своя война» (ареж. З. Роизман) уҳәа рҿы еиуеиԥшым арольқәа қәҿиарала иналыгӡеит.

Аԥсуа театр аколлектив гәыкала илыдырныҳәалоит Мзеиа Џьафар-иԥҳа лиирамш. Илзеиӷьаҳшьоит зегь ирыҵку агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа.

Прочитано 143 раз Последнее изменение Вторник, 31 марта 2026 09:21