Версия для печати
Суббота, 14 марта 2026 23:22

Ақыҭа Бедиа Ду аҟнытә гәыԥҩык ашколхәыҷқәа Аԥсуа театр иаҭааит.

Аҿар раара ахықәкы - адиректор хада Хьыбла Мықәԥҳаи дареи реиқәшәара ауп. Агәаҳәара рыман лыҿцәажәара, артист иԥсҭазаашьа, атеатр аусушьа, аҭаацәареи аусуреи реилагӡашьа шлылшо уҳәа, еиуеиԥшым азҵаарақәа рҭакқәа реилкаара.

Гәаартыла еицәажәаран.

Хымԥада, атеатр аԥсы ахазҵо зус бзиа избо аҟазацәа роуп. Арахь имҩахыҵуа ауааԥсыра уи хымԥада ирныруеит 

Ишәызгәакьоу Аԥсуа театр ашәқәа еснагь иаартуп.

Прочитано 153 раз Последнее изменение Четверг, 26 марта 2026 09:15